Азинхьчаҩцәа Ника Гварамиа дааныркылеит
Азинхьчаҩцәа Ника Гварамиа дааныркылеит

Иҟоу адыррақәа рыла, азинхьчаҩцәа Ника Гварамиа дааныркылеит.

Азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа апартиа  «Дроа» аофис еимырдон.

Иҟоу аинформациала, аофис иаҧну аҵакырадгьылаҿ Ника Гварамиеи азинхьчаҩцәеи аимак рыбжьалан, азинхьчаҩцәа Гварамиа дааныркылеит.

Иахьа, сааҭқәак раҧхьа, аполициа еиуеиҧшым апартиақәеи аиҿкаарақәеи рофисқәа ирыҩналеит.