Азиатәи абанк, Қырҭтәыла аинфраструктура ҿыц аргылареи, уажәтәи аинфраструктура арҿыцреи, ақалақьтә центрқәа рҿы амаҵзурақәа реиҕьтәреи, аекономикатә лшарақәа реизырҳареи, атәылаҿы аҧсҭазаашьа аиҕьтәреи азыҳәан, Қырҭтәыла азоунашьҭуеит 101 миллион евро акредит.
Апроект ала аизҧхьагәаҭоу аҧара инырхуеит ақалақьтә центрқәеи, ауаажәларратә ҭыҧқәеи апаркқәеи реиҭашьақәыргылареи, ауаажәларратә транспорт аиҕьтәреи азыҳәан. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны идыргылоит абиблиотекақәеи, аелектронтә аҵара ацентрқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи, аспорттә комплексқәеи, ауаажәларратә ҵакы змоу егьырҭ аусбарҭақәеи.
Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу апроект, акультуратә обиектқәеи, аҭоурыхтә центрәқеи, атуристтә обиектқәеи реиҭашьақәыргылара иацхраауеит.