Азиа аҿиара абанк Қырҭтәылаҟны аусеицуразы астратегиа ҿыц шьақәнарӷәӷәеит
Азиа аҿиара абанк Қырҭтәылаҟны аусеицуразы астратегиа ҿыц шьақәнарӷәӷәеит

Иахьа Азиа аҿиара абанк Қырҭтәылаҟны аусеицуразы астратегиа ҿыц шьақәнарӷәӷәеит, астратегиа ҿыц атәыла иаҵәоу аинклиузивтә регионтә хабны аҽеиҭакра аус аҿы ацхраауеит. Аусеицура хәышықәсатәи астратегиа (2024-2028) хықәкыс амоуп Қырҭтәыла ишьақәгылоу аҿиара адгылара, ареформақәа рыдгылареи аҵарадырра аиӷтәреи рыла. Астратегиаҿ аҭыԥ ҷыда ааннакылоит арегионтә усеицуреи аинтеграциеи, аекономикатә азҳара азы хаҭалатәи асектор ацхраареи, ауаҩытәыҩатә капитал аҿиареи, аклимат аҽеиҭакреи.

Адгьылтәи аҳауатәи аимадарақәа рырӷәӷәара, ахәаахәҭра арҭбаара, ауаҩытәыҩсатә капитал арӷәӷәара ишьақәгылоу ганрацәалатәи аекономикатә азҳаразы ихамԥадоуп. Астратегиа ҿыц ишиашоу  ,,Қырҭтәыла аҿиара астратегиа – ахәаҧшыра 2030″ ихадоу хприоритетк  адгылара рзаанарԥшуеит, арҭ априоритетқәа роуп – аекономика аҿиара, асоциалтә политика, ауаҩытәыҩсатә капитал аҿиара.