Азиа аҿиара абанк апрогнозла, Қырҭтәыла аекономика 2022 шықәсазы 3.5 рыла иазҳауеит
2021 шықәсазы иҳамаз ҩрбагатәи азҳара ашьҭахь, Урыстәыла Украинаҿ имҩаԥнагаз ажәыалра амзызла, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла аекономика 2022 шықәсазы 3.5 рыла иазҳар алшоит, – иануп Азиа аҽиара абанк (ADB) аҳасабырба ҿыц аҿы.
Азиа аҿиара абанк 2022 шықәсатәи апрогноз ала, ADB Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи азеиԥш аалыҵ азҳара 2023 шықәсазы хәыҷык еиӷьхоит, азҳара 5% иаҟарахоит.
„Урыстәыла Украинаҿ имҩаԥнагаз ажәыалра амзызла, Қырҭтәыла алҵшәа бааԥсқәа амоуп, имаҷхеит атуризми, аекспорти, аԥаратә ашьҭымҭақәеи. Аекономика азҳаразы Қырҭтәыла Аиҳабыра абиуџьеттә харџьқәа реиҭаԥхьаӡара алагароуп. Аиҳабыра аурбантә хырхарҭа аинвестициақәа аланаҵароуп, иара убас мҩаԥнагароуп афискалтә децентрализациеи асоциалтә сектор аинвестицирреи“, – ааицҳаит Қырҭтәыла иҟоу ADB еснагьтәи ахаҭарнакра анапхгаҩы Шеин Розенталь.