Ԥхынгәы 5 рзы ажурналистцәа рықәларазы иаанкылаз хҩык аҭакра рықәырҵеит. Аҿбара идикылеит Қарҭтәи ақалақьтә аӡбара аӡбаҩ.
Аҭакра зқәырҵаз руаӡәы Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхратә гәыԥ дрықәлеит.
Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра аинформациа ала, Қарҭтәи аполициа адепартамент аусуҩцәа имҩаԥыргаз аусԥшааратә уснагӡатәқәа раан, Қарҭ, Русҭавели имҩаду аҿы имҩаԥгаз акциаан аих рхаҭарнакәа рганахьала аҭыԥ змаз амчылареи акыдцареи рзы хҩык аанкылан.