Ажурналисттә ҭҵаара инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи фымз рыла Урыстәылаҟа инаган  502 миллион  адоллар рыхә амикрочипқәа, Қырҭтәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара змаз амҩақәа рҿы иарбам
Ажурналисттә ҭҵаара инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи фымз рыла Урыстәылаҟа инаган  502 миллион  адоллар рыхә амикрочипқәа, Қырҭтәыла асанкциақәа рывсразы ахархәара змаз амҩақәа рҿы иарбам

«Арадио Ахақәиҭра» аурыс биуро адыррала, аҵыхәтәантәи фымз рыла, асанкциақәа рывсрала, Урыстәылаҟа инаган   мраҭашәаратә еилахәырақәа иҭрыжьыз, иҩбоу азкызаара змоу  502 млн. адоллар рыхә амикрочипқәа.

«Арадио Ахақәиҭра» ари аинформациа аланарҵәеит ихьыҧшым урыстәылатәи аҭыжьымҭа  «Верстка» ала имҩаҧгаз ажурналисттә ҭҵаара адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Ажурналистцәа-аҭҵааҩцәа ари аалыҵ Урыстәылаҟа изланагаз асхемагьы аадырҧшит.

Аматериалқәа инрықәыршәаны, 2023 шықәса ажьырныҳәа инаркны ҧхынгәынӡа Урыстәылаҟа инаган  155 миллион  доллар рыхә америкатә амикрочипқәа. Арҭ амикрочипқәа аракетақәа рыҟаҵаразы рхы иадырхәоит. Астатиаҿы еиқәыҧхьаӡоуп америкатә еилахәырақәа  Analog Devices Inc, Xilinx, Microchip Technology, Texas Instruments.

Ажурналистцәа рдыррақәа рыла, абри аҩызаҵәҟьа амикрочипқәа Урыстәылаҟа инаргоит шәкыла егьырҭ аилахәырақәагьы.

Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, Урыстәылаҟа инаргоит арратә ааглыхраҿы ахархәара змоу, асанкциақәа ззышьақәыргылоу егьи аалыҵгьы.

Иара убас, ажурналистцәа ишеилыркааз ала, Урыстәылаҟа инаргоит мраҭашәараҿ иҭрыжьуа аҳаирпланқәа рдетальқәагьы.

Аусҧшаара адыррала, ареекспорт ахадаратә пунктқәа иреиуп Китаи, Гонконг, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа, Ҭырқәтәыла. Ари апроцесс иалахәып ҧасатәи асоветтә республикақәагьы  – Казахстани, Киргизиеи, Шәамахьтәылеи, Узбекистани. Италиеи, Германтәылеи, Естониеи асанкциақәа ззышьақәыргылоу  аалыҵ ишиашо Урыстәылаҟа инаргоит.

Аҭҵаараҿы Қырҭтәылагьы иалацәажәоит. Ажурналистцәа ирацәажәоз бизнесменк ишиҳәаз ала, дара  асанкциақәа ззышьақәыргылоу аалыҵ Шәамахьтәылантә Урыстәылаҟа анагаразы Қырҭтәыла акәымкәа, Иран ауп рхы иадырхәо.

«Шәамахьтәылеи Урыстәылеи адгьылтә аҳәаа рыбжьам, Қырҭтәылаҿ   ари аалыҵ атранзит иадҳәаланы апроблемақәа ҟалар ауеит, убри азоуп иуадаҩу амаршрут рхы изадырхәо.», — иҳәеит аилахәыра  Right-flow алогист ажурналистцәа данрацәажәоз.