Ажьырныҳәа 14-16 рзы Қырҭтәыла иаҭаауеит Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ажәахәҟаҵаҩцәа
Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа имҩаҧнаго амониторинг аҳәаақәа ирҭагӡаны, афактқәа рышьақәыргылара амиссиа ала, ажьырныҳәа 14-16 рзы Қырҭтәыла иаҭаауеит ажәахәҟаҵаҩцәа Клод Кенрии (Франциа, „Алиберал демократцәа ралианс“) Едит Естрелеи (Португалиа, „Асоциал-демократиатә партиа“). Ари атәы иануп Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа авебдаҟьаҿы.
Апрессрелиз инақәыршәаны, ари авизит Қырҭтәыла анапхгара рлегитимизациа ма изҧыло ахаҿқәа ргәаанагара ақәшаҳаҭра аҳасабала иахәаҧштәым.
„Авизит хықәкыс иамоуп Европа Ахеилак иалоу аҳәынҭқарра аҳасабала Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара апроцесс ахәшьара аҭара. Лымкаала, жьҭаара имҩаҧгаз алхрақәа рышьҭахь иҟалаз аполитикатә кризиси, Евроеидгыла алалара апроцесс аанкылареи амшала атәылаҿ аҭагылазаашьеи ацклаҧшра. Авизитаан ажәахәҟаҵаҩцәа ахадаратә политикатә партиақәа зегьы рнапхгаҩцәеи, аиҳабыра аофициалтә хаҿқәеи, аинститутқәа рхаҭарнакцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи ирҧылоит. Уи еиҧҟьарадатә мониторинг иазку визитуп, ари авизит атәыла анапхгара рлегитимизациа аҳасабала иахәаҧштәым“, – иануп апрессрелиз аҿы.