Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев аусуратә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит
Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев аусуратә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит.
Илҳам Алиев иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысуеит Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы.
Илҳам Алиев дидикылоит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.
Аиҧылара мҩаҧысуеит Шато-Мухрани иҟоу Багратион-Мухранаа рнаделаҿ. Уааҵәҟьа асааҭ 14 рзы Ҕарибашвилии Алиеви АИХ рзы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.