Азербаиџьан аҧыза-министр - Ақырҭуа-азербаиџьантәи еизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҟынӡа ишьҭыҵит, ҳаизыҟазаашьақәа аусхкқәа зегьы рҿы аҿиара иаҿуп 
Азербаиџьан аҧыза-министр - Ақырҭуа-азербаиџьантәи еизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҟынӡа ишьҭыҵит, ҳаизыҟазаашьақәа аусхкқәа зегьы рҿы аҿиара иаҿуп 

 

Азербаиџьан аҧыза-министр  Али Асадов ишиҳәаз ала, азербаиџьантәи аделегациа Қырҭтәыла имҩаҧырго авизит  Азербаиџьани Қырҭтәылеи ирзыфеидоу аусеицура арҕәҕәара иацхраауеит. 

Иара иажәақәа рыла, иахьа ақырҭуа-азербаиџьантәи еизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҟынӡа ишьҭыҵит, арҭ аизыҟазаашьақәа аусхкқәа зегьы рҿы аҿиара иаҿуп. 

 «Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа ҳажәларқәа аигәыларатәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Иахьа ақырҭуа-азербаиџьантәи еизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҟынӡа ишьҭыҵит, ҳаизыҟазаашьақәа аусхкқәа зегьы рҿы аҿиара иаҿуп.  Аполитика, аенергетика, атранспорт, аҵара, арратә усхкы уҳәа, абарҭ ахырхарҭақәа зегьы рырҿиараҿы  ҳаидгылоуп. Агәра ганы сыҟоуп иахьа ҳнапы зҵааҩыз адокументқәа рыбзоурала арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа ишыҕәҕәахо», — иҳәеит Азербаиџьан аҧыза-министр. 

 Али Асадов  ишиҳәаз ала, Азербаиџьани Қырҭтәылеи жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рҿгьы еснагь еидгылоуп. 

«Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит. Ҳекономикатә еизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп. Ҳаҧхьаҟа арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаразы апотенциал ду ҳамоуп. Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, акомиссиа алахәылацәа, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара ҩ-ганктәи аиҳабырабжьаратә комиссиа ҳекономикатә аҿиара иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Али Асадов.