Азербаиџьан Аҧыза-министр Али Асадов Гьаргь Гахариа аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра идиныҳәалеит
Азербаиџьан Аҧыза-министр Али Асадов Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра идиныҳәалеит.
Азербаиџьантәи аинформациатә агентра Trend адыррақәа рыла, Али Асадов Гьаргь Гахариа адныҳәаларатә шәҟәы изиҩит.
Ашәҟәы аҟны Азербаиџьан Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, иара агәыҕра имоуп Гьаргь Uахариа аҩынтәраан аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра атәыла апрогресси жәларбжьаратәи апозициақәа рырҕәәҕареи, азербаиџьан-ақырҭуа стратегиатә партниорра арҭбаареи иацхраап ҳәа.
Азербаиџьан Аҧыза-министр Али Асадов Гьаргь Гахариа иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.