Азакәанпроект инақәыршәаны, амилаҭтә аиҵара иҵабыргу ажәлақәа ранашьара амеханизм аҧҵахоит
Апарламент абиуро иахьатәи аилатәараҿы ицәыргаз аҧсахрақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп амилаҭтә аиҵара иҵабыргу ажәлақәа ранашьара амеханизм аҧҵара.
«Қырҭтәыла иқәынхо аетникатә гәыҧқәак рхаҭарнакцәақәак рыжәлақәа иҧсабаратәымкәа иаҧҵан, аетникатә гәыҧ аҭоурых-культуратә традициақәа рзы иҟазшьарбагам апринципла. Қырҭтәыла абас ала ажәлақәа рыҧсахра иалагеит Урыстәылатәи аимпериа ахаан. Асоветтә аамҭа аан ари апроцесс интенсивла имҩаҧысуан, усҟан, ассимилиациа апролитика амшала, ауаа мчыла рыжәлақәа рыҧсахра рыдарцалон, усҟан уи аурыс бызшәа иамаз аҧыжәара иадҳәалан. Абри аҩыза апроцесс егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿгьы имҩаҧысуан. Амилаҭтә аиҵара ахаҭарнакцәа дара рыжәлаҵәҟьа аныҟәгара азин рымамызт », — иануп азакәанпроект аҿы.
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, аамҭала еиҿкаахо акомиссиа зыжәлақәа ҧсаху амилаҭқәа рсиа еиқәыршәаны, аиустициа аминистр изцәырыргароуп. Иара убас, акомиссиа, ажәлақәа реиҭашьақәыргылара аметодика аус адуланы, абжьагара асахьала аминистр изцәырыргароуп.
Азакәанпроект ишану ала, аиустициа аминистр ажәла аҧсахра аҧҟареи ари апроцесс иадҳәалоу азҵаарақәеи ирызку адҵа ҭижьроуп.