Мадрид, абҵара 16 рзы имҩаԥысран иҟоу ашәаҳәаратә конкурс Ахәыҷтәы Евровизиа 2024 рхы аладырхәоит 17 тәылақәа рхаҭарнакцәа. Сынтәа аконкурс Мадрид мҩаԥгахоит.
Ахәыҷтәы ашәаҳәаратә фестивль рхы аладырхәоит: Қырҭтәыла, Албаниа, Шәамахьтәыла, Кипр, Естониа, Франциа, Германтәыла, Ирландиа, Италиа, Мальта, Нидерланды, Аҩадатәи Македониа, Польша, Португалиа, Сан Марино, Испаниа, Украина.
Let’s Bloom 22-тәи ахәыҷтәы Евровизиа аслоган ауа, уи аԥшәма-тәыла ателехәаԥшра RTVE атәуп.
2024 шықәсатәи аконкурс аҿы Қырҭтәыла ахьӡала дықәгылоит Андриа Ԥуткараӡе.