Ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Ҳамас"  хҩык израильтәи атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит
Ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Ҳамас" хҩык израильтәи атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит

Ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, “Ҳамас” хҩык израильтәи атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит. Офер Калдерони, Иарден Бибаси, Кеит Сигели “Ҳамас” атҟәараҿы 484 мшы иҟан.

Заанаҵтәи афизикатәи аменталтәи гәаҭара ашьҭахь ԥасатәи атҟәацәа Израиль аҵакырахь ииаган.

Атҟәацәа рхақәиҭтәра ацынхәрас, Офертәи абахҭантә палестинатәи абаандаҩцәа иоурыжьҭит. Палестинатәи администрациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, хҩыц израильтәи атҟәацәа рцынхәрас, 183-ҩык палестинатәи абаандаҩцәа иоурыжьҭроуп.