«Ахҵәацәа ииашам ауадатә политика иаҿагылоит» — абри алозунг ала, Ахҵәацәа русқәа рзы агентра аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧган.
Акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, аибашьра еилгеижьҭеит 32 шықәса шҵызгьы, ахҵәацәа реиҳара уажәгьы азеиҧш аиланхарҭақәа ирыҩноуп, ахҵәацәа анхарҭақәа рыла реиқәыршәара апроцесс аартым.
Иара убас, акциа алахәылацәа, ажьырныҳәа 27 рзы ари агентра аҧхьа зҽызыблыз, Очамчырантә ахҵәа Замир Квеквескири минуҭтәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.