Ахашәалақәа рзы амаҵзура – Жәларбжьаратәи асанкциақәа ирышьашәаланы, Америкеи Евроеидгыла атәылақәеи рҟынтә Қырҭтәылаҟа иаагоу амашьынақәа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә Урыстәылеи Беларуси рахь ареекспорт иақәиҭым
Жәларбжьаратәи асанкциақәа ирышьашәаланы, Америкеи Евроеидгыла атәылақәеи рҟынтә Қырҭтәылаҟа иаагоу амашьынақәа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә Урыстәылеи Беларуси рахь ареекспорт ақәиҭымуп. Қырҭтәыла Актәи аканал ари атәы азаарыцҳаит Ахашәалақәа рзы амаҵзура аҟынтәи.
„Жәларбжьаратәи асанкциақәа 11-тәи апакет инақәыршәаны, Американтә Қырҭтәылаҟа иаагоу амашьынақәа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә Урыстәылеи Беларуси рахь ареекспорт ақәиҭымуп нанҳәа 1 инаркны. Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә Қырҭтәылаҟа иаагоу амашьынақәа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә Урыстәылеи Беларуси рахь ареекспорт ақәиҭымуп цәыббра 26 инаркны“, – ирҳәеит Ахашәалақәа рзы амаҵзураҿы.