Ахалқалақьии Самтредиеи авакцинациа аӡыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧган
«Алаҵа ҟаҳҵоит ҳара-ҳара ҳаиҷаҳаразы» — абри слоган ала Ахалқалақьии Самтредиеи авакцинациа аӡыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧган. Асасцәа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа аҽалархәра алшара рыман.
Қырҭтәыла аиҳабыра рпресс-маҵзура адыррала, атәылауаа авакцинақәа Pfizer-и, Sinopharm-и Sinovac-и ҟарҵар рылшон. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны алаҵа ҟазҵаз атәылауаа еиуеиҧшым аваучерқәа рырҭеит, иара убас, дара, хәыҧсада, Аиустициа аҩны амобилтә гәыҧқәа рсервисқәа рхы иадырхәар рылшон.