Оҭар Ԥарцхалаӡе Қырҭтәыла атәылауаҩра имырхиит.
Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аинформациа ала, Қырҭтәыла ахада, апарламент аҿы аимпичмент апроцедура иалагаанӡа, Оҭар Ԥарцхалаӡе Қырҭтәыла атәылауаҩра имхра иазку ақәҵара лнапы аҵалҩит.
Цәыббра 20 рзы Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра иаҵанакәа Асервисқәа рырҿиара агентра аланарҵәз аинформациа ала, Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра Оҭар Ҧарцхалаӡе Қырҭтәыла атәылауаҩра изаанкылатәуп ҳәа иҧхьанаӡоит. Цәыббра 22 рзы ахада ладминистрациа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы ишану ала, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Оҭар Ҧарцхалаӡе уажәазы Қырҭтәыла атәылауаҩра имхра ахәҭам ҳәа илыҧхьаӡеит.
Америка Аәҳынҭқарратә департаментаҿ Оҭар Ҧарцхалаӡе изкны аҳәамҭа аныҟарҵа ашьҭахь, цәыббра 15 рзы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ари азҵаара аҭҵаара иалагеит.