Ахьӡ-аԥша аорден анашьаразы иқәдыргылеит аквалификациатә матчқәа ирылахәымыз Қырҭтәыла амилаҭтә еизга ашьапылампыласыҩцәагьы
Ахьӡ-аԥша аорден анашьаразы иқәдыргылеит аквалификациатә матчқәа ирылахәымыз Қырҭтәыла амилаҭтә еизга ашьапылампыласыҩцәагьы

Аԥыза-министр апарламент ахантәаҩи рыдгалара ала, Аҳьӡ-аԥша аорден анашьаразы иқәдыргылеит аквалификациатә матчқәа ирылахәымыз Қырҭтәыла амилаҭтә еизга ашьапылампыласыҩцәагьы, – иануп Аиҳабыра радминистрациа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, арҭ ашьапылампыласыҩцәа роуп Џьими Табиӡе, Габриел Сигуа, Саба Лобжаниӡе.

„Қырҭтәыла амилаҭтә еизга ашьапылампыласыҩҵәа аорденқәа ранашьара иазку аӡбара Аԥыза-министри апарламент ахантәаҩи еицрыдыркылеит. Аорденқәа ранаршьоит азыҟаҵаратә штаб алахәылацәа зегьы “, – аарыцҳаит администрациа аҟынтәи.