Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу аиҩызаратә гәыԥ Қырҭтәыла адгыларатә аҳәамҭа аланарҵәеит
Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу аиҩызаратә гәыԥ Қырҭтәыла адгыларатә аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи ҳашрыдгыло шьақәҳарӷәӷәоит, – иануп Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу аиҩызаратә гәыԥ аланарҵәаз Қырҭтәыла адгыларатә аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит Болгариеи, Канадеи, Чехиеи, Даниеи, Евтониеи, Финлиандиеи, Исландиеи, Ирландиеи, Латвиеи, Лиетувеи, Норвегиеи, Польшеи, Румыниеи, Словакиеи, Швециеи, Украинеи, Еидҵоу Акралреи Еаши рхаҭарнакцәа.

Аҳамҭаҿ арҭ атәылақәа рхаҭарнакцәа Урыстәыла Қырҭтәыла аганахьала имҩаԥнагаз агрессиеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рымпыҵахалареи ирҿагылоит.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара аҭахуп, ари жәларбжьаратәи азини, ЕАР ахартиеи Хельсинктәи акти рышьаҭала ҟалароуп.

Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу аиҩызаратә гәыԥ 2008 шықәса наҳәа 12 рзы аганқәа ирыбжьарҵаз  аиқәшаҳаҭра анагӡара идҵаны иқәдыргылоит, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟарҵоит ахыдҵақәа нагӡаны, Қырҭәыла ар алнагаларц.

“Ҳаҿагылоит Аԥсны, Аибга ақыҭа ахәҭа Урыстәыла изхылаԥшуа Краснодартәи атәылаҽацә адҵара аҽазкреи, Гагра 180 га аҵакырадгьыл анапахьы аагареи”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Қырҭтәыла аҩызаратә гәыԥ  алахәылацәа Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ррегионқәа рызхаҵарамап ацәнакыр.

Қырҭтәыла аҩызаратә гәыԥ алахәылацәа агәанамӡара аадырԥшуеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара асоциал-економикатә қәыԥшылара аԥҵара аҽазкреи Аахыҵ Уаԥстәылаҟны ҩантәтәи атәылауаҩразы аиқәшаҳаҭреи ирызкны, арҭ афактқәа изакәаным аннекциа ахь иҟаҵоу ашьаҿақәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит.

Қырҭтәыла аҩызаратә гәыԥ алахәылацәа  Аԥсны имҩаԥгаз де-факто апарламенттәи Аахыҵ Уаԥстәылаҿ де-факто апрезиденттә алхрақәа ирҿагылоит, ари Қырҭтәыла асуверенитет аилагароуп ҳәа рыԥхьаӡоит.

Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу аиҩызаратә гәыԥ алахәылацәа Иракли Бебуеи иаанкылоу егьырҭ ахаҿқәеи зыԥшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәра идҵаны иқәдыргылоит, иара убас иаҿагылоит Кристине Ҭакаланӡеи, Асмаҭ Ҭаваӡеи, Мамука Чхикваӡеи, Кахабер Наҭаӡеи раанкылара.

Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу аиҩызаратә гәыԥ алахәыоацәа иаҿагылоит Арчил Татунашвилии, Гига Оҭхохриеи, Давид Башарулии рышьра, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟарҵоит ауаҩшьра изхароу ахаҿқәа ақәнагаа рықәҵара иаԥырхагамхарц.

Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу аиҩызаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара амҩақәа рыԥшаара аус аҿы Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара аҽалархәреи Қырҭтәыла Аусеиуцуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара амиссиа еиҭах аартреи иадгылоит.