Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара ахантәаҩы – Зыԥшра ҟамҵакуа аҭагылазаашьа иҭыԥқәҵатәуп
Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара ахантәаҩы – Зыԥшра ҟамҵакуа аҭагылазаашьа иҭыԥқәҵатәуп

Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара ахантәаҩы, Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр Енн Линде Қырҭтәыла  аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа дрықәҿылҭит.

Асоциалтә каҭа Твиттер аҿы Линде аганқәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы адиалог иалагарц.

“Қарҭ аҭыԥ змоу ахҭысқәа агәынамӡара ҳазцәырыргеит. Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара ахантәаҩы иаҳасаб ала,  аганқәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы адиалог иалагарц, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара аҭакԥхықәрақәа шәрықәныҟәарц, атәыла амоу апрогресс шәыхьчарц,» – илҩит Линде.