Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахада - Аҵакырадгьылқәа мчыла ргара аӡәгьы дақәшаҳаҭхом, уи жәларбжьаратәи аиҿкаара апринципқәа ирҿагылоит, ари аганахьала Урыстәыла ҳақәыҕәҕәоит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахада Маргарет Седерфельт ишылҳәаз ала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара – зҵакы дуу платформоуп. Лара лажәақәа рыла Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминиситрцәа реиҧылараҿы иҟалаз аилагарақәа рымшала Урыстәыла иақәыҕәҕәоит.
Қырҭтәыла Актәи аканал иалҭаз аинтервиу аҿы Маргарета Седерфельт ишылҳәаз ала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара адиалог рхы иадырхәоит зҵакы дуу ахархәага ҳасабала.
«Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара зҵакы дуу платформоуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар абра иҟоуп 57 ҳәынҭқарра рлидерцәа. Сгәы ишаанаго ала, диалоги аимадареи ауп зегьы зхьыҧшу, насгьы, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахадаратә принципқәа нагӡатәуп. Ҳара, Евроеидгыла еиҧш, асанкциақәа рхархәара алшара ҳамам, ҳара адиалог ауп ҳхы иаҳархәо. Аилагарақәа ирыдҳәалоу азҵарақәа рықәыргылара ҳалшоит. Ишыжәбаз еиҧш, ари аганахьала Урыстәыла ҳақәыҕәҕәоит, избанзар, аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара аӡәгьы дақәшаҳаҭхом. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп, избанзар уи жәларбжьаратәи ашәарҭадара аиҿкаара иаҧырхагоуп», — илҳәеит Маргарета Седерфельт.