Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа ргәыԥ аҳәамҭа аланарҵәеит
Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа ргәыԥ аҳәамҭа аланарҵәеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа ргәыԥ аҳәамҭа аланарҵәеит.

«OSCE 31-тәи аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа ргәыԥ (Болгариеи, Канадеи, Чехиеи, Даниеи, Естониеи, Финлиандиеи, Исландиеи, Ирландиеи, Латвиеи, Лиетувеи, Норвегиеи, Польшеи, Румыниеи, Словакиеи, Швециеи, Украинеи, Британиа Дуи ЕАШ-и рыхьӡала) Қырҭтәыла адгыларатә ҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭаҿ Қырҭтәыла адгыларатә гәыԥ Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети шрыдгыло даҽазнык шьақәнарӷәӷәеит. Арҭ атәылақәа Урыстәыла Қырҭтәыла аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара 16 шықәса рышьҭахь, Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа – Аԥсни Аладатәи Уаԥстәылеи инагӡо рымпыҵахалара иақәыӡбеит.

Агәыԥ алахәыла-тәылақәа Қырҭтәыла аганахьала 2008 шықәсазы атыԥ змаз урыстәлыатәи агрессиа иаҿагылеит.

Алахәыла-тәылақәа иазгәарҭеит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы аганқәа ирыбжьарҵа ахымца аанкылара иазкыз аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла шеиланамго, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟарҵеит ари аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа нанагӡарц, иара убас Аԥсни Аладатәи Уаԥстәылеи рызхаҵара мап ацәнакырц.

Аҳәамҭаҿ алахәыла-тәылақәа Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа аҵакырадгьылқәа- Аԥсни Аладатәи Ууаԥстәылеи рҿы ақырҭуаа аетникатә рдискриминациа шаҿагыло иазгәарҭеит.

Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа ргәыԥ Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәеи (GID) Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы амеханизми (IPRM) ашәарҭадаратә зҵаарақәеи агуманитартә зҵаарақәа рҭыԥқәҵареи рҿы аҵак ду шрымоу.

Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа ргәыԥ Қырҭтәыла амоу аԥшьгарақәа: “Ашьаҿа еиӷьу аԥеиԥш азы”, “Еиӷьу аԥеиԥш азы адунеитә фонд” ахәшьара ҳарак арҭеит», — иануп аҳәамҭа аҿы.