Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда ахаҭарнакцәа хазхаҭалатәи аҧсҭазаара амаӡа аилагаразы хаҿык дааныркылеит
Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда ахаҭарнакцәа хазхаҭалатәи аҧсҭазаара амаӡа аилагаразы хаҿык дааныркылеит. Аусбарҭа адыррала, 1977 шықәсазы ииз В.К., 2021 шықәса ҧхынҷкәын инаркны 2022 шықәса хәажәкыранӡа, Қарҭ иҩнаҿы ицынхоз ҧҳәыск маӡала линтимтә фотоҭыхымҭақәа ҟаиҵон.
«Дара ианеилыҵ, зыӡбахәы ҳәоу ахаҵа уи ихьымӡҕишьан, ашантажи ашьоуреи амзызла, асоциалтә аҳа «Facebook» аҿы, даҽа хьӡык ала, ари аҧҳәыс линтимтә фотоҭыхымҭақәа алаирҵәеит. Убри ала, иара хазхаҭалатәи аҧсҭазаара амаӡа еилеигеит.
Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда ахаҭарнакцәа, аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧганы, 2023 шықәса ажьырныҳәа 13 рзы зыӡбахәы ҳәоу ахаҵа дааныркылеит.
Ари ацәгьауразы 6 шықәса инаркны 9 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп“, — иануп Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда аинформациаҿы.