Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда ателеканал “ТВ Пирвели” аусзуҩцәа рганахьала ажәылара инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит
Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда ателеканал “ТВ Пирвели” аусзуҩцәа рганахьала ажәылара инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит.
“Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда Қарҭ, Грибоедив имҩаҿ 2024 шықәса ԥхынҷкәын 7 рзы ателеканал “ТВ Пирвели” аусзуҩцәа рганахьала ажәылара инамаданы аусԥшаара иалагеит Қырҭтәыла ашьаустә закәанеидкыла 154-тәи ахәҭа 2-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны инақәыршәаны.
Адырра анаиу ашьҭахь, амаҵзура хаҭарнакцәа иаусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара иалагеит. Ажурналисти аоператори ржәылара иалахәыз, иара убас урҭ рыцхырааҩцәа ридентификациа, ацәгьоура ҟалаанӡеи иахьыҟаз, ашьҭахь иахьцаз аилкааразыаусԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара иалагеит. Ари азы Грибоедови, аишьцәа Зубалашвилиаа, Бесикии, Ҷавҷаваӡеи Шоҭа Русҭавели рымҩақәа рҿы иҟоу акамерақәа рҟынтә аинформациа аилкаара иаҿуп, иара убас амобилтә операторцәа ирыдҵаалеит акамерақәа рҿы иаарԥшу ахаҿқәа рҭелқәа ртаректориа аарԥшраҿы ацхыраара рзаадырԥшырц.
Ахәра зауз ажурналисти аоператори ргәабзиаратә ҭагылазаашьа аилкааразы амедицинатә гәаҭаразы адҵа ҟаҵан.
Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда ажурналистцәа рықәлараҿы иалахәыз раарԥшреи рыҭакреи рзы, ашьақәырӷәӷәарақәа раиуразы еиԥмырҟьаӡакәа аусеилыргаратәи апроцессуалтәи усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара хыцыркуп”, – ианып аҳәамҭа аҿы.