Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда анапхгаҩы   Кока Кацитаӡе апарламент ахантәаҩы диҧылеит
Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда анапхгаҩы   Кока Кацитаӡе апарламент ахантәаҩы диҧылеит

 

Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда анапхгаҩы   Кока Кацитаӡе апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили диҧылеит.

Кока Кацитаӡе азакәанҧҵаратә орган ахантәаҩы   астратегиа ҿыци  аплан ҿыци изцәыригеит,  анеҩс,   аҳасабтәқәа дырзааҭгылеит.

«Қырҭтәыла апарламенти,  аиҳабыреи,  атәылауаҩратә уаажәларреи аконкреттә старатегиа анагӡараҿы ацхыраара рыҭатәуп.  Атәыла адемократиатә аҿиареи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи азы ахадаратә ҵакы змоу апринципқәа иреиуп  амаҵзураҭыҧ ду аанызкыло ахаҿқәа рыла иҟаҵоу ацәгьаурақәа ишахәҭоу еиҧш,  иаамҭаны реилыргара», — иҳәеит  Кока Кацитаӡе.