Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак амассатә вакцинациа апроцесс иаҳа арҭбаара иалацәажәеит
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак амассатә вакцинациа апроцесс иаҳа арҭбаара иалацәажәеит

Амассатә вакцинациа апроцесс иаҳа арҭбаара аҵакы иалацәажәеит  Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы иазааҭгылеит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи  авирус аҿкаара афактқәа рыцлара адинамикеи. Ишазгәаҭаз ала, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы атәылаҿы аҧсҭбара ду зхылҵыр зылшо  аҧшьбатәи ацәқәырҧа ҟамларцаз аҵакы ду амоуп амассатә вакцинациеи атестирреи  апроцесс арҭбаареи, амч змоу арегулиациақәа рықәныҟәареи. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, авакцинациа акурс наӡа иахысыз ауааҧсыра рыгәҭа авирус ҿызкааз ауааҧсыра маҷуп – 0,3% роуп иҟоу, аҧсра факткгьы аарҧшым.  

Уажәазы авакцинациа мҩаҧысуеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа змоу авакцинақәа – „Синофарми“  „Синоваки“, иара убас,  „Астразенекеи“ рыла,  аҵыхәтәантәи авакцина  43 200 адозақәа Қырҭтәылаҟа иааргеит иҳаҩсыз амчыбжь азы. Убри адагьы, иааиуа амшқәа рзы атәыла аиуеит авакцина  „Пфаизер“ раҧхьатәи адозақәагьы.

Атәыла зеџьынџьара авакцинациа апрограмма иалахәып 200 раҟара амедицинатә усбарҭақәа, алаҵа аҟаҵаразы арегистрациа ҟалоит аелектронтә портал https://booking.moh.gov.ge  ала, иара убас,  аусбарҭа ацәаҳәа ҷыдала; убри адагьы, авакцинациазы арегистрациа амзызла аус ауеит иаку аиҳабыратә ацәаҳәа ҷыда аномер  – 144-3.  Алаҵа ҟазҵар зҭаху ауааҧсыра арегистрациа иахысыр рылшоит аклиникаҿы авизит аангьы.

Авакцинациа инаваргыланы, авирус аларҵәара апревенциа амзызла, зҵакы дуу хархәагас иаанхоит асабрада. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵоит  ауаа ахьырацәоу аҭыҧқәеиауаажәларратә транспорти, иарку ақәыҧшыларақәеи рҿы асабрада рҿазарц.