Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи агоспитальтә сектор ахиазаареи иалацәажәеит
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи агоспитальтә сектор ахиазаареи иалацәажәеит

„Омикрон“ аштамм аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы иамоу анырреи агоспиталтә сектор ахиазаареи иалацәажәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Ишазгәаҭаз ала, „Омикрон“ аштамм аларҵәара аласра дууп, убри аҟынтә, аепидемиологиатә шәарҭадара анормақәа рықәныҟәара аҵакы ду амоуп – асабрадақәа рныҟәгареи, асоциалтә дистанциа ахьчареи, ауаа рацәа реизара аҽацәыхьчареи. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, авакцинациа абустертә доза ҟазҵаз ауааҧсыра, авирус ҿыркааргьы, ачымазара имарианы ирхыргоит. Ишдыру ала, аиҳабыра рыӡбарала, ажьырныҳәа анҵәамҭанӡа авирус аҽыхьчаратә ковид-вакцинациа иахысуа ауааҧсыра 200 лари роуеит,  насгьы,  ари апрограмма зызку ауааҧсыра рықәра дырмаҷит,  ковид-вакцинациа ашьҭахь аҳәынҭқаррантә ари аҧара роуеит  50 шықәса еиҳаны зхыҵуа ауааҧсыра. 

Аҳәынҭқарратәи,  иара убас,  хазхаҭалатәи аусбарҭақәа рҿы анахаларатә усуратә режим анагӡара иазкны Акоординациатә хеилак алахәылацәа иҟарҵаз абжьагара уажәгьы амч амоуп. 

Ахеилак аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала,  акурорттә сезон иадҳәаланы,  ашьхатә курортқәа рҿы авирус аҿкаара афактқәа рацәахеит,  убри аҟынтә,  ахеилак алахәылацәа даҽазнык аҧсшьацәа рахь ааҧхьара ҟарҵоит аепидемиологиатә шәарҭадара анормақәа ирықәныҟәаларц,  асабрадақәа ныҟәыргаларц,  рхатә гәабзиареи руацәа ргәабзиареи иеиҷаҳаларц. 

Иара убас,  акоординациатә хеилак алахәылацәа жәларбжьаратәи протокол инақәыршәаны акарантин аҿҳәара аиҵатәра азҵаарагьы иалацәажәеит, иааиуа амшқәа рзы  ари азҵааразы аӡбара рыдыркылоит. 

Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа,  авирус рзышьақәырҕәҕәоуп 968 313ҩык,  урҭ рҟынтә 916 421ҩык ачымазара иалҵхьеит,  14 264ҩык иҧсит. 

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 69ҩык,  аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 801ҩык,  астационарқәа рҿы  – 4 431ҩык ауааҧсыра. 

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып  Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада ладминистрациеи.