Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, иахьазы атәылаҿы амч змоу аҧкрақәа нагӡахоит жәабран 1-нӡа
Иахьазы атәылаҿы амч змоу аҧкрақәа нагӡахоит жәабран 1-нӡа, – ари аӡбара рыдыркылеит Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы идҵала, аҧкрақәа етапла раҧыхра иалагаанӡа, абизнессектор ахаҭарнакцәа рҟны интенсивла аиҧыларақәа мҩаҧгахоит дара ахәаахәҭра аусхкы аҿгьы атранспорт аганахьалагьы аҧкрақәа раҧыхра аетап азы аҽазыҟаҵареи, аепидемиологиатә шәарҭадара астандартқәа зегьы рықәныҟәареи рылшаратәы.
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа авакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгаразы имҩаҧысуа ауснагӡатәқәеи атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, уажәазы амч змоу аҧкрақәа рыбзоурала, авирус ҿызкааз ауаа рхыҧхьаӡара аҭышәынтәалара иаҿуп, аха, аҽырҭынчра ҟалом, убри аҟынтә, ахадаратә превенциатә уснагӡатәқәас иаанхоит асоциалтә дистанциа ахьчареи асабрадақәа рныҟәгареи.
Акоординациатә хелак алахәылацәа аковидвакцинациа атемазы Аҧыза-министр идҵала еиҿкааз акомиссиа ҷыда имҩаҧнаго аусура иалацәажәан, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә аинформациа ҿыц иазыӡырҩит аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа ари ахырхарҭала имҩаҧырго аусура иазкны. Ишазгәаҭаз ала, атәыла излаауа ала ирласны авакцина раҧхьатәи адозақәа аиурц азыҳәан, авакцина ҭзыжьуа иакымкәа аилахәырақәа рҟны аамҭакала аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит, аха, иаҵшьны иазгәаҭан атәылашҟа ишаарго жәларбжьаратәи азхаҵара змоу авакцина мацара – уи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аквалификациа анашьазароуп. Иара убас, иашзгәаҭаз ала, атәылаҿы авакцинақәа рышьҭаҵаразы аинфраструктура мазеиуп, уажәазы иҟоу алшарақәа рырҕәҕәаразы активла аусура нарыгӡоит. Иара убас, акомиссиа ҷыда активла аус ауеит авакцина аларҵәара аплан аиқәыршәаразы, зыӡбахәы ҳәоу аплан ала иҳәаақәырҵоит зегьы раҧхьа авакцина ззыҟаҵатәу иашьашәалоу ахықәкытә гәыҧи авакцинациа амҩаҧгара аетапқәеи.
Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт аарҧшра инаркны иахьанӡы авирус ҿыркааит 239 780-ҩык, урҭ рҟынтә 226 215-ҩык ачымаазара иалҵхьеит, 2 796-ҩык апациентцәа иҧсит.
Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 506-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 722-ҩык, астационар аҿы – 3 929ҩык апацциентцәа.
Аҧыза-министр инапхгаралаа аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.