Аусԥшааратә маҵзура ҷыда хаҭалатәи аԥсҭазаара амаӡара аилагара афакт азы бжьҩык аанакылеит
Аусԥшааратә маҵзура ҷыда абҵареи ԥхынҷкәыни рзы, хаҭалатәи аԥсҭазаара амаӡара аилагара афакт азы бжьҩык аанакылеит.
Аусԥшааратә маҵзура ҷыда аинформациа ала, аусԥшаара аан ишеилкаахаз, ахара зду ахаҿқәа изакәанымкәа ироуит, рзы иадырхәеит, адалырҵәеит азарал зауз ауаа аинтимтә ҟазшьа змаз авидеонҵамҭақәа.
Аусԥшааратә маҵзура ҷыда аҟынтә ишаарыцҳаз, ари аәгьоуразы ԥшьышықәса инаркны бжьышықәсанӡа аҭакра иазыԥхьагәатоуп.