Аусԥшааратә маҵзура ҷыда азакәанхьчаҩ иҟынтә ашьҭазаара афакт азы аусԥшаара хацнаркит
Аусԥшааратә маҵзура ҷыда аинформациала, азакәанхьчаҩ иҟынтә аԥҳәыс лышьҭазаара афакт азы даанкылоуп Самцхе-Џьавахеҭтәи аполициа адепартамент аинспектор .
Аусԥшааратә маҵзура ҷыда аҟынтә ишаарыцҳаз, аусԥшаара аан ишеилкаахаз, 2023 шықәсазы ахара зду ахаҿы Ҟ.У. ԥҳәыск лҟны аимадара абжьаҵара иҭахын, аԥҳәыс ари даҿа́гылон, аха ахаҵа ҭелла, асоциалтә аппликациақәа рыла дылзасуан, амҩаҿ дылԥылон.
“Қырҭтәыла апрокуратура ақәҵара инақәыршәаны, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Самцхе-Џьавахеҭтәи аполициа адепартамент аинспектор ахара идуп ашҭазаара афакт азы – Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкылар 151-тәи прима ахәҭаҷ актәи ахәҭа инақәыршәаны. Ари азы иазԥхьагәаҭоуп ҩышықәсанӡа аҭакра”, – иануп аинформациа аҿы.