Аурыс арбџьармчқәа рыла Харьков абомбақәа алажьра амшала  56ҩык раҟара ахәрақәа роуит
Аурыс арбџьармчқәа рыла Харьков абомбақәа алажьра амшала  56ҩык раҟара ахәрақәа роуит

Аурыс арбџьармчқәа рыла Харьков абомбақәа алажьра амшала  56ҩык раҟара ахәрақәа роуит, урҭ рҟынтә хҩык ахәыҷқәа роуп. Хҩык ҭахеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Харьковти аполициа.

Аҭыҧантәи анапхгара рдыррақәа рыла, аурыс арбџьармчқәа ақалақь агәҭаны игылаз анхарҭатә корпус иаахеит.

Украина ахада Владимир Зелески иҳәамҭала, рашәара алагамҭа инаркны аурыс арбџьармчқәа Украина ажәыларазы   2400 иреиҳаны авиациатә бомбақәа рхы иадырхәит, урҭ рҟынтә 700 раҟара Харьков иаларыжьит.