Аурыс арбџьармчқәа Полтаватәи атәылаҿацәи Миргородтәи араиони аракетақәа рыларыжьит
Аурыс арбџьармчқәа Полтаватәи атәылаҿацәи Миргородтәи араиони аракетақәа рыларыжьит

Аурыс арбџьармчқәа рыла Полтаватәи атәылаҿацә аракетақәа алажьра амшала ҩыџьа иҭахеит. Ари атәы ааицҳаит Полтаватәи атәылаҿацәтә арратә администрациа аиҳабы Дмитри Лунин. Иара иажәақәа рыла,  ҩыџьа ахәышәтәырҭашҟа инагоуп, даҽа ҩыџьа ахьыҟоу макьана еилкаам. Аҭыҧаҿ аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит.

Иара убас, Украина ахада иадминистрациа аиҳабы Андреи Ермак ишааицҳаз ала, Урыстәыла Миргородтәи араион Гоголево ақыҭа аракета аларыжьит. Уаҟа ахәшаҟаҵарҭа  амца ацралеит, ҩыџьа иҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит.