Аурыс арбџьармчқәа Донецктәи атәылаҿацә Константиновка ақалақь иаахеит, 16ҩык ҭахеит
Аурыс арбџьармчқәа Донецктәи атәылаҿацә Константиновка ақалақь иаахеит, 16ҩык ҭахеит, 28ҩык ахәрақәа роуит.
Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, аурыс арбџьармчқәа ахәаахәҭратә џьармыкьа хада иалахысит.
Украина ахада Владимир Зеленски асоциалтә аҳаҿы ари аинцидент авидеонҵамҭа алаирҵәеит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иацлар ҟалап.
Зеленски иажәақәа рыла, Урыстәыла Константиновказы артиллериатә жәылара иалагеит.
«Урыстәылатәи атеррористцәа артиллериала Константиновка ақалақьаҿ 16ҩык ршьит. Абжьааҧнытә аџьармыкьа. Адәқьанқәа. Апҭека. Акгьы зхарам ауаа. Ахәрақәа зауз рацәоуп. Рыцҳарас иҟалаз, иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара ацлар ҟалап. Зуацәа зцәыӡыз ауаа зегьы срыдашшылоит! Абри урыстәылатәи ацәгьара излауа ала ирласны аҵыхәа ҧҵәатәуп», — иҩит Зеленски.