Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  "Атәым анырра аартызаара иазку" азакәани   "Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку" азакәани раҧыхразы
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  "Атәым анырра аартызаара иазку" азакәани   "Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку" азакәани раҧыхразы

 

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар  Маикл О’Флаерти ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала Қырҭтәыла аҭагылазаашьа иазку амеморандум цәыригеит.  Адокументаҿ иара аизарақәеи агәаанагара аарҧшреи ахақәиҭреи, атәылауаҩратә уаажәларреи ЛГБТ-ахаҿқәеи рзинқәеи  рыхьчаразы абжьагарақәа ҟаиҵеит.

Амеморандум еиқәыршәан  2025 шықәса ажьырныҳәа 21-23 рзы акомиссар Қырҭтәыла имҩаҧигаз авизит алҵшәақәа рышьаҭала.

Акомиссар ишазгәеиҭаз ала, акциа алахәылацәеи ажурналистцәеи цәгьала рызныҟәара иазку адыррақәа шыҟоугьы, азинхьчаҩцәа рҟынтә аӡәгьы аҭакҧхықәра идрымҵеит, акциа алахәылацәа рзы ашьауҕатә ашьҭацалара инагӡоит.

Адокументаҿ хшыҩзышьҭра ҷыда азуп асабрадақәа зҿаз аполицаицәа ридентификациа азҵаара. Акомиссар атәыла анапхгара ирыбжьеигоит адемонстрантцәа гәымбылџьбарала рызныҟәара афактқәа зегьы ииашаны реилыргаразы аҭагылазаашьақәа еиқәдыршәарц.

Акомиссар даараӡа даргәамҵуеит аизарақәа рхақәиҭра иазку азакәан иалагалоу аҧсахрақәа. Иара игәаанагарала, арҭ аҧсахрақәа апротестқәа рылахәылацәа рзинқәа дырмаҷуеит, аполицаицәа рзинмчы дырҭбаауеит. Иара ишазгәеиҭаз ала, арҭ аҧсахрақәа ауаҩытәыҩса изинқәа аусхкы аҿы жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалам.

Иара убас, акомиссар агәынамӡара ааирҧшит ажурналистцәа русура аҽалагалара иазку адыррақәа ирыдҳәаланы. Амеморандум аҿы хазы иалкаауп Мзиа Амаҕлобели лус.

Иара ақырҭуа анапхгара рахь ааҧхьара ҟаиҵеит ажурналистцәа рхы иақәиҭны, шәарҭада аусура рылшаратәы аҭагылазаашьақәа рзеиқәдыршәарц.

Убри адагьы, акомиссар иаҵшьны иазгәеиҭеит ЛГБТ-ахаҿқәа рганахьала амчылареи адискриминациеи даараӡа дшаргәамҵуа.

«Атәыла анапхгара  ЛГБТ-ахаҿқәа рышьҭацалара иаҟәыҵроуп, амчылара афактқәа зегьы шьаҭанкыла иҭҵаатәуп. Иара убас, атәыла аиҳабыра  ЛГБТ-ахаҿқәа рзинқәа лазырҟәо «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан иаҧыхны, арҭ ауаа рзинқәа ирызкны Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара иаднакылаз ақәҵара нарыгӡароуп», — иануп амеморандум аҿы.