Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку арезолиуциа рыдыркылеит
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызку арезолиуциа рыдыркылеит

 

ЕАР ахеилак арезолиуциа аҵакы ду амоуп, избанзар уаҟа раҧхьаӡа акәны иазгәаҭан Урыстәыла импыҵахалоу аҵакрадгьылқәа ишырхылаҧшуа, — иҳәеит ЕАР аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак Алеқсандр Маисураӡе.

«ЕАР ахеилак арезолиуциа аҵакы ду амоуп, избанзар уаҟа раҧхьаӡа акәны иазгәаҭан Урыстәыла импыҵахалоу аҵакрадгьылқәа ишырхылаҧшуа .  Адокумент аҿы иарбоуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афактқәеи, Қырҭтәыла атәылауаа ирҿагыланы иҟаҵаз ацәгьаурақәеи, апандемиа аан ауаа амедицинатә цхыраара рыҭара аҧкреи, егьырҭ еиуеиҧшым аилагарақәеи. Арезолиуциаҿы иарбоуп ақырҭуа дипломатиа абзоурала жәларбжьаратәи аиҩызара русхәаҧштә аҿы актуалтә ҵакы змоу аҭагылазаашьақәа зегьы», — иҳәеит Александр Маисураӡе.