Ауаажәларратә дырраҭара Қвемо Қарҭлии Самцхе-Џьавахеҭии аетникатә аиҵарақәа реиланхарҭақәа рҿы ателехәаԥшцәа рыбжьара имҩаԥгаз аҭҵаара аланарҵәеит
Ауаажәларратә дырраҭара Қвемо Қарҭлии Самцхе-Џьавахеҭии аетникатә аиҵарақәа реиланхарҭақәа рҿы ателехәаԥшцәа рыбжьара имҩаԥгаз аҭҵаара аланарҵәеит.
Аҭҵаара мҩаԥнагеит атендер аҿы аиааира згаз еилахәыра «Сонар».
Аҭҵаара инақәыршәаны, Самцхе-Џьавахеҭи аҭҵаара иалахуз ауааԥсыра 50.5%,
Қвемо Қарҭлии – 37% Актәи аканал иахәаԥшуеит.
Самцхе-Џьавахеҭи – 67%, Қвемо Қарҭли – 57% адырраҭарақәа асоциалтә каҭақәа рҿы ирыхәаԥшуеит.
Аҭҵаара иалахуз 60% адырраҭарақәа ирыхәаԥшуеит асоциалтә каҭа Феисбук аҿы.