Ауаажәларратә дырраҭара аефир ахь Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили линтервиу аԥшьашаҽны, асааҭ 22:00 рзы иҭыҵуеит
Ауаажәларратә дырраҭара аефир ахь Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили линтервиу аԥшьашаҽны, асааҭ 22:00 рзы иҭыҵуеит.
Аинтервиу иазкыз ажәалагала Саломе Зурабишвили ԥхынҷкәын 1 азы имҩаԥылгаз абрифинг аҿы ҟалҵеит.
Қырҭтәыла Актәи аканалуи аҽныҵәҟьа иҟанаҵаз аҳәамҭала, Саломе Зурабишвили Ауаажәларратә дырраҭараҿы аефир лыҭара иазыхиоуп.
Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Атәыла ахада лхаҭарнак Қырҭтәыла Актәи аканал адырра аиҭеит уи аҽны аинтервиу шыҟамлоз, аинтервиу аҩашазы ма ахашазы иҟалар ҟалап.
Иахьа аганқәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, аинтервиу ԥхынҷкәын 5 рзы мҩаԥгахоит.