Австриа ацҳаражәҳәаҩ - Агәра ганы сыҟоуп зегьы аус еицырур, Қырҭтәыла Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара шалшо
«Агәра ганы сыҟоуп зегьы аус еицырур, Қырҭтәыла Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара шалшо», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Австриа ацҳаражәҳәаҩ Томас Муллен.
Адипломат ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла иаднакылаз аҭоурыхтә аӡбара иахәҭоу ахәшьра аҭатәуп.
«Рашәарамазазы Евроеидгыла аҭоурыхтә аӡбара аднакылеит, Қырҭтәыла европатәи аперспектива анаршьеит. Уи иахәҭоу ахәшьара аҭатәуп. Уи ҭоурыхуп. Еврокомиссиа анеҩстәи ашьаҿа аҟаҵареи Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуреи азы инагӡатәу 12 аҳәарақәа ҳәаақәнаҵеит. Аусура ду шымҩаҧгатәу здыруеит, агәра ганы сыҟоуп зегьы аус еицырур, Қырҭтәыла арҭ абжьагарақәа рынагӡара шалшо», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Иара ишазгәеиҭаз ала, «Австриа Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа ирыдгылоит».