Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Аҭынчратә аизарақәеи ажәа ахақәиҭреи адемократиа зықәгыло ашьаҭақәа иреиуп, ҳара ақырҭуаа апротест азы ирымоу азин ҳадгылоит
Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭ имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыхцәажәеит.
Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ишану ала, аҭынчратә аизарақәеи ажәа ахақәиҭреи адемократиа зықәгыло ашьаҭақәа иреиуп.
«Қырҭтәыла аҭынчратә демонстрантцәа рхырхарҭала амч ахархәара даараӡа ҳаргәамҵуеит. Аҭынчратә аизарақәеи ажәа ахақәиҭреи адемократиа зықәгыло ашьаҭақәа иреиуп, ҳара ақырҭуаа апротест азы ирымоу азин ҳадгылоит, аганқәа адиалог еиҭалагарц ирыбжьаагоит. Атәылауаҩратә уаажәларра ҕәҕәа Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс азы аҵакы ду амоуп», — иануп Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.