Авиаеилахәыра „Визеар“ Венециа-Қәҭешь-Венециа ахырхарҭала арегулиартә реисқәа рымҩаҧгаразы иаҭаху азин аиуит
Атәылауаҩратә авиациа агентра авиаеилахәыра „Визиар“ ахырхарҭа ҿыцла арегулиартә реисқәа рымҩаҧгаразы иаҭаху азин ананашьеит. Қырҭтәыла, италиатәи ақалақь Венециа аҟны аҳаиртә мҩала аимадара амазаауеит.
Авиаеилахәыра „Визеар“ Венециа-Қәҭешь-Венециа ахырхарҭала арегулиартә реисқәа рымҩаҧгара иалагоит аӡынтәи анавигациатә сезон инаркны. „Визеар“ зыӡбахәы ҳәоу амаршрутла аҧырра иалагоит ҧхынҷкәын 2 инаркны, мчыбжьыкахь ҩынтә, аҩашеи асабшеи рзы.