Авиаеилахәыра  "Џьео Скаи" – Мшаҧы  27 рзы аекипаж зегьы Қырҭтәыла иҟазаауеит
Авиаеилахәыра  "Џьео Скаи" – Мшаҧы  27 рзы аекипаж зегьы Қырҭтәыла иҟазаауеит

Авиаеилахәыра  “Џьео Скаи” адыррала,   Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраарала,  авиаеилахәыра,  аепикаж алахәылацәа зегьы ҭынч Египет аҳәаанӡа ревакуациа мҩаҧнагеит. Мшаҧы  27 рзы аепикаж зегьы Қырҭтәылаҟа ихынҳәуеит.

«Авиаеилахәыра  “Џьео Скаи”  аепикаж 20ҩык алахәылацәа аусуратә визитла Судан иҟан. Уаҟа имҩаҧысуа ахҭысқәа рымшала, аусзуцәа зегьы ршәарҭадара ахьчаразы, дара рызынтәгьы хымҧада Қырҭтәылаҟа ирхынҳәтәын.   Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраарала,  авиаеилахәыра,  аепикаж алахәылацәа зегьы ҭынч Египет аҳәаанӡа ревакуациа мҩаҧнагеит, уаҟа урҭ дырҧылеит Епипет иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Тигишвили.  Мшаҧы  27 рзы аекипаж зегьы Қырҭтәылаҟа ихынҳәуеит», — иануп авиаеилахәыра аҳәамҭаҿы.