Авакцинациа иацхрааша алотереиаҿ 160-ҩык аҳамҭақәа роуит
Авакцинациа иацхрааша алотереиаҿ 160-ҩык аҳамҭақәа роуит

stopcov.lotto.ge асааҭ 12:00 актәи атур мҩаԥган. Авакцинациа иацхрааша алотереиаҿ 160-ҩык аҳамҭақәа роуит, џьоукы 100 лари, џьоукы 500 лари  роуит.

Аилахәыра Қырҭтәыла алотереиа аҟынтә ишаарыцҳаза ала, атәылауаа алотереиа асаит аҿы аинформациа абара ирылшоит

Аилахәыра аҟынтә инаарыцҳаз ала, есымша stopcov.lotto.ge аҿы аиааира агара рылшоит 160-ҩык атәылауаа, есымчыбжь имҩаԥысуа алотереиаҿ – 17-ҩык. Аихшьаалатә лотереиаҿ аиааира зго 100 000лари ҳамҭас иоуеит.