Авакцинациа ахеилак аӡбара ала, авакцинациа апроцесс адрыҧхьалоит  65-и 75-и шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсырагьы
Авакцинациа ахеилак аӡбара ала, авакцинациа апроцесс адрыҧхьалоит  65-и 75-и шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсырагьы

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе ишылҳәаз ала, авакцинациа ахеилак аӡбара ала, авакцинациа апроцесс адрыҧхьалоит  65-и 75-и шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсырагьы.

«Авакцина ззыҟарҵо ауаа ирыцлоит ақәратә гәыҧгьы. Авакцинациа иахысыр рылшоит 75-и 65-и шықәса еиҳаны изхыҵуа ҳтәылауаагьы,  акоронавирус дара рзы ҷыдала ишәарҭоуп, убри аҟынтә ари апроцесс ҳарласырц ҳаӡбеит», — илҳәеит Тикараӡе.