Уажәшьҭарнахыз, амедицинатә персонал инрываргыланы, авакцинациа апроцесс рхы аладырхәыр рылшоит 65 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаагьы. Авакцина «Pfizer» атәылашҟа ианааргалак, ауаа дара рхала ирыӡбар рылшоит «Pfizer» акәу «Astrazeneca» акәу иаҳа еиҕьаршьо, — илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа.
Лара лажәақәа рыла, 65 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра хәажәкыра 25 инаркны ашәҟәы рыҽҭарҩыр рылшоит.
Лара убас, Ҭамар Габуниа ишазгәалҭаз ала, ҳаҧхьаҟа авакцинациа апроцесс аҽалархәра иазхиоу аклиникақәа рхаҭарнакцәа иахьа ирҧылоит.