Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра - Қәҭешь, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу “Қырҭтәыла абанк” афилиал аҿы 12-ҩык ашасцәа иҟоуп
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра - Қәҭешь, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу “Қырҭтәыла абанк” афилиал аҿы 12-ҩык ашасцәа иҟоуп

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Қәҭешь, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу “Қырҭтәыла абанк” афилиал аҿы 12-ҩык ашасцәа иҟоуп.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, ашасцәа зыԥшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы аакәанхьчаҩцәа зегь ҟарҵоит.

“Қәҭешь, Русҭавели имҩаҿ иҟоу “Қырҭтәыла абанк” афилиал ааигәара амобилизациа рзууп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  иашьашәалоу агәыԥ ҷыдақәа, урҭ аоперативтә-усԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Аусԥшаара хаҵыркуп   Қәҭешь, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу “Қырҭтәыла абанк” афилиал ақәылара афакт азы.

Аоперативтә-усԥшааратә дыррақәа рыла, бџьарла еибыҭоу ахаҿы Қәҭешь, Русҭавели имҩаҿ иҟоу “Қырҭтәыла абанк” афилиал дақәлеит. Ахыбраҿ иҟоуп 12-ҩык атәылауаҩратә хаҿқәа. Аминистрра ахатарнакцәа ашасцәа зыԥшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы аакәанхьчаҩцәа зегь ҟарҵоит”, – аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.