Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра - Ҳкомпиутертә инфраструктураҿ акибержәылара мҩаҧган
Жәабран 23 рзы Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра акомпиутертә инфраструктураҿ еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә акибержәылара мҩаҧган, -иануп аминистрра аинформациа аҿы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иашашәалоу аҟәшақәа аоперативтә уснагӡатәқәа мҩаҧыргеит акибержәылара аанкыларазы.
“Аусҧшаара хацыркуп қырҭәтыла ашьауҕа закәанеидкыла 285-тәии 286-тәии ахәҭаҷқәа рыла,”- аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.