Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра - Ҟварели аоперациа ҷыда нагӡоит, ашасцәа зегьы рхы иақәиҭуп, аӡәгьы иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра ахаҭарнак Қеҭи Ковзиашвили лажәақәа рыла, Ҟварели аоперациа ҷыда нагӡоит.
Ковзиашвили ишылҳәаз, “Қырҭтәыла абанк” иҟаз ашасцәа зегьы рхы иақәиҭуп, аӡәгьы иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.
Иҟоу адыррақәа рыла, бџьарла еибыҭаз ахаҿы абанк афилиал асааҭ 16:00 рзы дақәлеит. Ашаҳаҭцәа ражәақәа рыла, асабраза дҿаз ақәылаҩ аԥжәага икын. Абанк аҿы иҟаз гәаԥҩык иаразна адәылҵра рылшеит, џьоукы ахыбраҿ иаанхеит, аха уажәы ашасцәа зегьы рхы иақәиҭуп.