Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Русҭавели имҩадуаҿ акциа аҭынчратә аизара аҳәаақәа ирҭыҵит, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәан ала иазҧхьагәаҭоу   аусмҩаҧгатә ҷыдақәа мҩаҧнагоит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Русҭавели имҩадуаҿ акциа аҭынчратә аизара аҳәаақәа ирҭыҵит, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәан ала иазҧхьагәаҭоу   аусмҩаҧгатә ҷыдақәа мҩаҧнагоит

«Русҭавели имҩадуаҿ акциа аҭынчратә аизара аҳәаақәа ирҭыҵит, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амчыларатә гәыҧ алахәылацәа рганахьала  азакәан ала иазҧхьагәаҭоу   аусмҩаҧгатә ҷыдақәа мҩаҧнагоит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

«Амчыларатә гәыҧ алахәылацәа, аполицаицәа еиуеиҧшым амаҭәарқәа – ахаҳәқәеи, апатлыкақәеи, апиротехникеи ргәыдырҵоит. Иара убас, еиуеиҧшым АИХқәа рҿы лабҿаба иубарҭоуп амитинг алахәылацәа еиуеиҧшым иқәиҭыму амаҭәарқәа шрымоу, арҭ амаҭәарқәа аполициа иаҿагыланы рхы иадырхәоит. Амитинг ианалага, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амитинг алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи рахь ааҧхьара ҟанаҵеит азакәан аҳәаақәа ирҭымҵырц. Аха, уезгьы, Русҭавели имҩадуаҿ акциа азакәан аҳәаақәа ирҭыҵит, убри аҟынтә, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәан ала иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатә ҷыдақәа рымҩаҧгара иалагоит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.