Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Гьаргь Гахариа иқәлара афакт азы аусеилыргара иалагеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Гьаргь Гахариа иқәлара афакт азы аусеилыргара иалагеит

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Баҭым, апартиа  «Гахариа Қырҭтәылазы» алидер  Гьаргь Гахариа иқәлара афакт азы аусеилыргара иалагеит.

Аминистрра адыррала, аусеилыргара мҩаҧысуеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  126 ахәҭаҷ ала  (амчылара).

Иаха Баҭым, асасааирҭа Шератон аҿы , апартиа  «Гахариа Қырҭтәылазы» алидер  Гьаргь Гахариа  иқәлеит. Гахариа аклиникашҟа днагоуп. Аҳақьымцәа рҳәамҭала, уи иҧынҵабҩа ҧҵәоуп, ахшыбаҩҵасра имоуп.