Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Девдорактәи аҩхааҿ аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, амашьынақәа реиҭаҵразы ишьақәыргылаз аҧкрақәа иаҧыхуп
Девдорактәи аҩхааҿ аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, амашьынақәа реиҭаҵразы ишьақәыргылаз аҧкрақәа иаҧыхуп. Иара убас, аҳәаатә пункт «Дариал» абжьааҧнытә режимала аусура нанагӡоит.
Иахаьа шьыжьымҭан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдарақәа рзы амаҵзура Девдораки аӡиасаҿ ишьақәыргылоу ашәаратә детектор аҟынтә адырра аиуит аӡиасаҿ аӡы аҩаӡара шышьҭыҵыз азы.
«Зыӡбахәы ҳәоу аинформациа ашьаҭала, аҳәаатә пункт «Дариал» аҿы иҟаз ауааҧсыра зегьы ишәарҭам аҭыҧашҟа ииаган. Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара агентра аспециалистцәа агежьҧрыгала Девдорактәи аҩхааҿы аҭагылазаашьа гәарҭеит.
Агентра адыррала, уажәазы Девдорактәи аҩхааҿ ашәарҭара аҩаӡара даараӡа ихәыҷуп», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.